Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Иашбеи Агрбеи апроект "Ахьышьҭрахь" ахықәки аԥеиԥши ирызкны

Sputnik
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааз апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭырқәтәылантә, Иорданиантә, Ливанынтә, иара убас Нхыҵ-Кавказынтә Аԥсныҟа иааит ҳџьынџьуаа рделегациа. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп хыԥхьаӡара рацәала ахәыҷқәа, аҿар, аԥсуа-абаза хылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа. Ас еиԥш иҟоу апроект ахықәкы хадақәа ируакуп ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл радԥхьалара, рыжәлантәқәеи дареи реибарбара, рҩызцәеи дареи реибардырра, рыԥсадгьыл агәыбылра дыркра.
Аҿар рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы рыԥсшьарамшқәа шырхырго, ас еиԥш иҟоу аиҭанеиааирақәа ҵакыси лҵшәаси ирымоу уҳәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Басҭаҟәа Агрбеи ҳџьынџьуаҩ Шаамиль Иашбеи.
Сынтәа Аԥсныҟа иааит 80-ҩык ахәыҷқәа. Реиҳараҩык – Ҭырқәтәылантә. Сынтәеиԥш ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара рацәамхацт ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Агрба.
Ҳџьынџьуаҩ Шаамиль Иашба иажәақәа рыла, апроект аҵак ду амоуп, уи иабзоураны Аԥсныҟа нхара ҳәа ихынҳәыз рацәаҩуп.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.