Аԥсны

"Иҭахаз рыԥсы саҳәон...": Матуаԥҳа апроект "Сыхьҭышьуеит" иазкны

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра инамаданы Абаза ТВ арҿиаратә гәыԥ зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа рҭаацәа ирҭаан иҟан. Дара хара имгакәан ахәаԥшцәа ирыдыргалоит иҭахаз ирызку апроект "Сыхьҭышьуеит". Апроект автор, ажурналист Фаина Матуаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит апроект ахықәки уи аидеиа шиизи. Дазааҭгылеит иҭахаз рҭаацәарақәа ишрыдыркылаз атәы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз Фаина Матуаԥҳа дызлаз ашәаҳәаратә гәыԥ "Томи Ф" Ҭырқәтәыла агастрольқәа рыманы иҟан, уаҟа ауп иахьраҳаз аибашьра шалагазгьы.
"Ачерқьес хылҵшьҭрақәа еилых ҟамҵақәа зегь гылеит аибашьра ҳцароуп ҳәа. Аха ус имариамызт Аԥсныҟа аара. Иааз ааит, аха изымаазгьы заҟа аџьабаа рбоз џьара цхыраарак ҳарҭарц азыҳәан. Абарҭ ахҭысқәа зегь сара срылахәын, убри аҟнытә акыр ҵуан дара ирызкны иҟасҵарц сҭахижьҭеи. Сара сыла ишабаз, сара ишеилыскааз еиҭасҳәар сҭахын", - ҳәа лҳәоит Матуаԥҳа.
Апроект "Сыхьҭышьуеит" дазааҭгыло, Матуаԥха илҳәеит, ҳџьынџьуаҩ, аветеран Беқьыр Ашәба ишәҟәы "Сыхьҭышьуеит" данаԥхьа, лара акыр шықәса раахыс гәыҵхас илымаз шылԥшааз. Ари ашәҟәы ашьаҭала лдокументалтә фильм асценари шылҩыз, апроект ахьӡгьы уи аҟынтә ишгоу.
"Ҳазҭаараан иҟаз ауаа зегь џьарак еидкылан иҟаӡамызт, арахь ашоура бааԥсхеит, аӡәырҩы аԥсшьарақәа рахь иҟан. Иҭаҳхран иҟаз еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны уаҵәы уи ауаҩ дзааиӡом анаҳҳәоз, ҳаиқәшәаӡом ҳәа ҳгәы каҳан ҳаныҟаз, уаха санышьҭалоз иҭахаз рыԥсы сыман, сара издыруаз аҷкәынцәа Баҳадыр, Ведаҭ, Зафер срыҳәон исыцхраарц. Ашьыжь аӡә дсыцхраауашәа аҭел иасуан абарҭ изымаауаз, "Фаина, шәеиқәшәома ҳнеиуеит" рҳәон, мамзаргьы исҳәаӡом ҳәа мап зкыз, "снеиуеит, шәабаҟоу" ҳәа", - азгәалҭеит Матуаԥҳа.
Шәахәаԥш арадио Sputnik аҟны иҟаҵоу авидеонҵамҭа.