Аԥсны

Иашбеи Агрбеи Аԥсныҟа ҳџьынџьуаа хәыҷқәа ԥсшьара раара иазкны

Sputnik
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭырқәтәылантә, Иорданиантә, Ливанынтә, иара убас Нхыҵ-Кавказынтә Аԥсныҟа иааз ҳџьынџьуаа рделегациа иалоу ахәыҷқәа, аҿар, аԥсуа-абаза хылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа рыԥсшьарамшқәа шырхырго, урҭ рҭоурыхтә ԥсадгьыл радԥхьаларазы иҟарҵо, ари аҩыза аусмҩаԥгатә ҵакыс иамоу уҳәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Басҭаҟәа Агрбеи ҳџьынџьуаҩ Шаамиль Иашбеи. Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.