Хатәгәаԥхарала аибашьра уалԥшьан: Аԥсны Афырхаҵа Асланбек Марзеи игәалашәарақәа

Аԥсны Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәарҭоит нанҳәа 15 рзы. 1992 шықәса рзы ари аҽны ҳашьцәа нхыҵ кавказаа раԥхьатәи ргәыԥ ааны иҳавагылеит. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ари арыцхә аҳаҭыр азы диҿцәажәеит Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны инхо аҟабарда Асланбек Марзеи.
Sputnik
Апсихологиатә, аполитикатә аспектқәа рыла хатәгәаԥхарала аибашьра иааз рхыԥша ааха ӷәӷәан ҳаӷацәа рзыҳәан. "Ари уалԥшьан" иҳәоит иахьа сзацәажәо Ҟабардантәи Аԥсныҟа еибашьра иааз Аԥсны Афырхаҵа Асланбек Марзеи (Мирзоев).

Аибашьҩы изы абџьар еснагь ихиоуп

Иара ԥсабарала аимакқәа политикатә бызшәала рыӡбара еиҳа иадгыло иакәны дыҟоуп, аха даҽа мҩак аныҟам абџьар шьҭыхтәуп иҳәоит.
"Аполитикцәа имҩаԥыргалароуп ииашоу аполитика, амилаҭ рызҵааразы астратегиатә интересқәа хәшьадны аимакқәа ирызнеилароуп. Аибашьра - иуадаҩу, иҟьашьу усуп ҳәа исшьоит. Сара сполитикызҭгьы, еибшьрада еилсыргон аус. Аибашьра ари уаҩшьрами? Ауаа гәаҟуеит, аҳәса, ахәыҷқәа уҳәа. Аибашьраҿы ицәырҵуеит ауаҩы иреиӷьу иара убас, иреицәоу иҟазшьақәа. Уи романтиканы сахәаԥшуам. Аха, ажәлар рлахьынҵа ашәарҭара иҭагылазар, исуалԥшьаны исыԥхьаӡоит, сеибашьуеит. Владислав Арӡынба иакәзар, усҟан ижәлар бџьарла еибыҭамзаргьы, Аԥсны ахьчаразы ааԥхьара аныҟаиҵоз адоуҳа дақәгәыӷуан. Ус дызныҟәаз ижәлар рыгәра игон азоуп. Аибашьра аналагалакгьы, абџьар ааиуеит иаразнак. Иҟоуп ажәаԥҟа – аибашьҩы изы абџьар еснагь ихиоуп ҳәа. Адоуҳа, аидеиа, аԥхьагыла ихаҭара акыр ихадоуп абри азҵаараҿы. Амилаҭ рморалтә хаҭабзиара ҳаракызар ауп. Иҟоуп амилаҭқәа аибашьра зҭахым, аҭагылазаашьа зҽамазыриашо, ахеиқәырхаразы аҿагылара ҟазымҵо. Ҳара ҳзы уи амҩа хәарҭамызт, иуадаҩын аҳәынҭқарра аԥхьатәи аԥеиԥш", - иҳәоит Марзеи, 1992 шықәсазы аԥсуа жәлар бџьаршьҭыхрала рыԥсадгьыл ахьчаразы иахьгылаз дазхәыцуа.
Аԥсны
Сан лчемодан лырхиахьеит: аибашьра аветеран Владимир Коцоев игәалашәарақәа
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагоз 24 шықәса ихыҵуан Ҟабардатәи Ареспублика аҳҭнықалақь Нальчик инхоз Асланбек Марзеи. Иара диит Нхыҵ-Уаԥстәыла Карца аҳаблаҿы, избанзар 1945 шықәсазы иабду Казбулат аполитикатә репрессиақәа рымшала иҭаацәеи иареи уахь нхара ииасит. Асланбек иаб Сулҭан уа дынхон 25 шықәса. Абар аветеран Марзеи урҭ ахҭысқәа хҳәаас ириҭо:
"1977 шықәсанӡа уа ҳаҟан, нас ҳауацәа саб иԥсадгьыл ахь дгьежьырц иабжьыргеит. Ҳаныгьежь, Нальчик азааигәара "Вольный аул" ҳәа иахьашьҭоу анхара ҳалагеит. Уи сан Жениа Емгах дахьиз ауп. Ҳара шьҭрала Ҟабарда маҷ ҳәа иахьашьҭоу ҳатәын. Аибашьра алагамҭазы Нальчик ҳанхон".

Аҭоурыхдырра

Хатәгәаԥхарала аибашьра ацаразы ҵаҵӷәыс имаз уи заа дшазыҟаҵаз иҳәоит аветеран, избанзар 1990-тәи ашықәсқәа рзы амилаҭтә зҵаарақәа рыӡбара азҵаатәқәа аныҟаз дрылан.
"Ауниверситет санҭазгьы ҳара аҿар злахәыз Адыга-хасе ҳәа аиҿкаара аԥаҳҵеит. Уи Заур Налоев напхгара зиҭоз иаламызт, хазы иҟаз аҿар реиҿкаара акәын. Усҟан ҳмилаҭ рҿаԥхьа зҵаарақәас иқәгылаз иреиуан - аиҟәыҭхара аԥыхра, арепатриациа, аҭоурых аиҭашьақәыргылара, Аԥсни Ҟарачы-Черкесиеи, Адыгатәылеи реимадарақәа. Ҳныҟәон арҭ ареспубликақәа рахь. Раԥхьаӡа 1988 шықәсазы шьхала ҳхыҵны арахь ҳааит аԥсуаа ҳбарц, ҳрыҿцәажәарц. Анаҩс, 1989 шықәсазы ииультәи ахҭсқәа рышьҭахь ҳара ҳаиҭааит Аԥсныҟа", - иҳәоит Асланбек аибашьра аԥхьатәи аамҭақәа ахҳәаа рызуа.
Мирзоев: Аԥсныҟа саазгаз Шьынқәба ирҿиамҭақәа роуп
Асланбек Аԥсны аӡбахә ибзиаӡаны идыруан, избанзар иара занааҭла дҭоурыхҭҵааҩуп.
"Хымԥада, аҭоурых ҭызҵаауаз ауаҩы иаҳасабала, сара издыруан Аԥсны закәыз. Зынӡа санмаҷӡаз атәы сҳәозар, Аԥсны аӡбахә ашәҟәыҩҩцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа инарҷыданы издыруаз маҷын. Аҟабардақәа ракәзар, Аԥсны ахьыҟаз ахсаала инаркны, аиуара, аигәыцхәра иҳабжьаз атәгьы рыздыруамызт. Даҽакала иаҳҳәозар, аҭоурыхдырра акыр ихьысҳан. Аибашьра аналагоз аԥхьа аҵара салгеит, аамҭак аус зуит амузеи ацәыргақәҵатә ҟәшаҿы. Нас сиасит асовет ҳәынҭқарраҿы еицырдыруаз аетнолог Барасби Бгажноков "Адыгатәи аенциклопедиа" ҳәа 1990-тәи ашықәсқәа рзы иаԥиҵаз ацентр ахь. Аибашьра алагамҭазы убра аус зуан", - иҳәоит Марзеи.
Аветеран арратә маҵзура дахысхьан Норвегиа аҳәааҿы Мурмансктәи аобласт иахьаҵанакуаз аинженер-сапиортә баталион аҿы. Убри аҟынтә, уи аԥышәа сыхәеит ҳәа иԥхьаӡоит.

Нхыҵ-Кавказааи аԥсуааи реимадарақәа

"Ишәгәаласыршәоит аибашьра аԥхьа Кавказ Ашьхарыуа жәлар рконфедерациа шеиҿкааз. Ҳара аҿаргьы уи ҳҽалаҳархәуан. Аибашьра аԥхьаҵәҟьа ииун мзазы аҭагылазаашьа уашәшәыран ара. Геннади Аламиа иҳәеит уахьынтәи ауаа аар бзиоуп, арратә ҽеизгарақәа рымҩаԥгаразы ҳәа. 20-ҩык раҟара еизызган ҳааит Аԥсныҟа. Афон "Геолог" абазаҿы ҳанхон. Ачеченцәагьы ыҟан усҟан. Иара убас, Адыга-хасе акультуратә мшқәагьы мҩаԥысуан уи аамҭазы. Нас абра сшыҟаз сыуацәа, сыжәлантәқәа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иааит. Убарҭ Ҟабардаҟа изгарц иансыҳәа, алагер аансыжьит. Нургали Кануков (аибашьраан дҭахеит - аред.) еиҳабыс дныжьны сцеит", - еиҭеиҳәоит Марзеи Нхыҵ-Кавказааи аԥсуааи реимадарақәа рышьҭа шырҳахьаз ҳардыруа.
Асланбек Ҟабарадаҟа исасцәа иманы дцеит. Урҭ аамаҭак исасуан уа, нас инаскьеигеит. Иуацәа рҿы ателевизор дшахәаԥшуаз, иаҳаит Аԥсны аибашьра ишалагаз.
Асланбек Марзеи

Џьаҳар Дудаев* ибаҳчаҿы

Аԥсны аибашьра ҟалеит анырҳәа, Адыга-хасе иаҵанкуаз аизара иалагеит, иагьеилацәажәеит абџьар ахьырыԥшааша азы. Август 16 1992 шықәсазы иашьцәа иреиуаз Заур дааит иара иҿы. Уи абас иҳәеит – Ҟабарда жәлар рконгресс ахадацәа ирҳәеит Џьаҳар Дудаев абџьар шәысҭоит ҳәа иҳәеит ҳәа. Аконгресс аҟынтә х-"Икаруск" Грозныи ицоит абџьар аагаразы ҳәа. Марзеи рацәакгьы дымхәыцкәа ддәықәларц иӡбеит:
"Арҭмаҟ сыман иаашьҭысхын амашьына сылҭатәан, Аконгресс аофис ахь сцеит. Уа аизара ҟарҵеит ҳгәыԥ, аԥхьагылас аполковник Хәсеин Каширгов дыҟан. Уи арратә кафедраҿы аҵара дирҵон астудентцәа. Анаҩстәи апозициақәа Ибрагим Иаганови сареи иҳаман. Грозныи ҳцеит. Асасааирҭа ҳаҩналеит. Ҳаԥшын абџьар ҳарҭозар ҳәа. Хымш ҳаҟан, абџьар ыҟам, ҳԥара нҵәеит асасааирҭа ахә злаҳшәо ҳмоуа. Хамзат Ханкарови сареи ҳаибадыруан. Убри дсыԥшаан, иҟаз иасҳәеит. Нас, адырҩаҽны и-"Волга" дақәтәаны даан Каширгов, сара, Иаганов шәсыцны шәаала иҳәеит", - игәалаиршәоит Марзеи.
Амҩан ишнеиуаз, Шамиль Басаевгьы* дрыцлеит. Дудаев усҟан инхарҭа ҭыԥ ирлас-ырласны иԥсахуан ашәарҭадаразы. Иуацәа рҿы дахьынхоз инеит.
"Аҩны ашьҭахь ажьҭра ахьыҟаз абаҳчаҿы аицәажәара ҳалагеит. Ачечен бызшәа сыздыруамызт, аха, ишеилыскааз ала, иҳацыз иарҳәеит абџьар азы ҳашнеиз. Нас убас иҳәеит - абџьар шәҭахызар ишәысҭоит, аха шәара Нальчикҟа шәгьежьыроуп, аҳаиртә баӷәаза шәнапаҿы иаажәгароуп, нас убрахь абџьар зҭоу аҳаирпланқәа сыртәоит. Уи илогика еилкаан са сзы. Чечентәыла ахала иҟан – Урыстәылеи дареи аҭыӡшәа рыман. Кавказ зегь алахәзар иҭахын уи аус. Иури Калмыков дызхагылаз ҳчерқьесстә еиҿкаарақәа усҟан адемократиатә принципла ҳмилаҭтә зҵаарақәа уӡбар алшоит ҳәа ирыԥхьаӡон. Ҳара адыгақәеи ачерқьесцәеи ҳҿаԥхьа иқәгыламызт Урыстәыла алҵра азҵаатәы. Иҳацыз ачеченцәа ииҳәаз иамаркуашәа аниба, ҭаҷкәымла аишәа дықәсын, дрықәҟааит Дудаев дара рбызшәала", - иҳәоит аветеран, Џьаҳар ианиҭаз дазааҭгыло.
Асланбек ишигәалашәо ала, дара цеит Дудаев иҟынтәи. Уи акгьы римҭазаргьы, ирԥылаз ачеченцәа абџьар ԥыҭк рыздырхиеит.
*Џьаҳар Дудаев - Чечентәыла Ареспублика Ичкьериа раԥхьатәи ахада. Иара еиҿкаан 1991 шықәсазы "нанҳәатәи апутч" аамҭазы. Хәышықәса ирылагӡаны Дудаев Чечентәыла ахьыԥшымра дазықәԥон, урыстәылатәи анапхгара дсепаратиступ, дтеррориступ ҳәа дыршьон. 1996 шықәса мшаԥымзазы амаҵзура ҷыдақәа иумҭақәа рзы дыршьит.
*Шамиль Басаев - чечентәылатәи атеррористцәа-аисламистцәа ираԥхьагылаз дреиуоуп. 1991-2006 шықәсқәа рзы Чечентәыла имҩаԥысуаз аибашьра далахәын, иара Урыстәыла аҵакыраҿы акымкәа-ҩбамкәа атеррористтә актқәа мҩаԥигеит. Урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа иумҭақәа рзы дыршьит ԥхынгәы 10 2006 шықәсазы Екажев ақыҭаҿы.

Шьхала Аԥсныҟа

"Уралқәа" ԥшьба ирықәтәаны Ҟабардаҟа иааит Асланбек иҩызцәеи иареи Чечентәылантәи.
"Аполициа ҳааныркылон, аха аиҿагылара рҭахымызт, ҳаурыжьуан. Нальчик амитинг ыҟан уи аамҭазы. Амчра иахагылаз ргәы ҭынчмызт 300-ҩык абџьар змоу ақалақь аҿы ианцәырҵ, аилаҩеиласра ҟалоит ҳәа ишәон. Ақалақь аҵыхәаҿы џьара ҳаангылеит. Абылтәыҭаҭәарҭа иадҳәалаз ауаҩы дҳацын, уи дцан иааигеит иҭаҳҭәашаз. Амилициаа анҳацәажәа, ираҳҳәеит Аԥсныҟа ҳашцоз, нас ргәы ҭынчхеит. Шәнаскьаҳгоит Ҟарачы-Черкесианӡа рҳәеит. Нас Ҟарачы ҳаналсуаз, ОМОН ҳарбеит. 15 минут ҳаицәажәон. Ҳаргьы абџьар ҳамамзи, ҳаурыжьит аиҿагылара ҟамларц азын. Дамхәырц ҳхыҵын, уахык абнаҿы ҳаҟан. Нас август 21 рзы Риҵатәи аҩхаала Гәдоуҭа ҳааит аштаб аҿы", - абас иалагеит Марзеи иеибашьратә ҭоурых.
Аветерани сареи ҳалацәажәон избан усҟан Кавказ Ашьхарыуа жәларқәа ҳара изҳадгылоз, иаҳҳәап, Украинаа ақырҭқәа ирыдгыланы хатәгәаԥхарала изааз атәгьы.
"Ақырҭқәа рганахь хатәгәаԥхарала еибашьуаз Украинаа ракәын. Дара ирыман рхатәы идеологиатә мотивқәа. Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагылоит, уи аимпериа иалҵуеит, ахьыԥшымра иашьҭоуп ҳәа иршьон. Аԥсуаа ахьыԥшымразы рықәԥара, дара рзын Урыстәылатәи ашәарҭадаратә мчқәа рнапы алоуп ҳәа ирыԥхьаӡон. Дара еибашьуан Урыстәыла иаҿагылоз аганахь. Иазгәаҭатәуп, дара рҵара шхьысҳаз Кавказ аҭоурых инадҳәаланы. Ҳара аурысқәа рганахь ацәымӷра ҳамаӡам, аҭоурых аҿы еиуеиԥшым азалымдырақәа шыҟазгьы. Дара ридеологиа абас иҟан", - иҳәоит аветеран.
Аԥсны
"Ҳара иаҳқәашьхеит даҽа иааирак азы ақәԥара": аветеран Игор Кокоев иҭоурых

Мамзышьха

Асланбек ишиҳәо ала, Нхыҵ-Кавказтәи аибашьцәа Гәдоуҭа ианааи - аҟабарадақәа 10-ҩык рҽеидыркылеит, егьырҭ адыга гәыԥқәагьы ус. Иара Ибрагим Иаганов игәыԥ аҿы дыҟан.
"Раԥхьатәи ҳжәылара август 25 рзы акәын. Гагратәи араион Мамзышьха ашьхаҿы ажәылара ҟалеит. Ҩ-ҟабарда гәыԥки, ԥсыуа гәыԥки амҩа ԥжәаны Мамзышьха ҭаҳарцәыр акәын. Ҳгәыԥ аҿы ҩыџьа ҭахеит - Ибрагим Науржанов, Нургали Кануков. Битокови сареи ҳада егьырҭ хәын. Егьи агәыԥ аҿгьы ахәцәа ыҟан. Аԥсуа гәыԥ аҿгьы аӡә дшьын", - игәалаиршәоит Мамзышьхатәи ажәылара Асланбек.
Аԥсны
Машәыршәа акгьы ҟалом: хатәгәаԥхарала иҭахаз ргәалашәара иазкны
Ԥшьымыз инеиԥынкыланы дыҟан Марзеи аибашьраҿы. Раԥхьатәи Шроматәи иманшәаламхаз аоперациа ашьҭахь Нальчикҟа дцеит декабрмзазы. Абри аамҭазы ауаажәларратә еиҿкааратә усқәа ирыциҵар акәын. Нас, ииульмзазы деиҭааит усқәак рзын.
"Аиааира амш Нальчик саԥылеит. Аԥсуаа аиааира шыргоз мҩашьарада издыруан, избанзар гәымшәарыла еибашьуан. Сара Мрагыларатәи афронт аҿы сыҟамызт, аха исаҳауан иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа рҿы аӷа ицәа дышҭадырӡыӡоз. Ҭоурыхла ирымаз аибашьратә культура аадырԥшит аԥсуаа усҟан. Урҭ реибашьышьа иацклаԥшуан аҳәаанырцәтәи арратә експертцәа, англызцәа аԥхьа инаргыланы. Аҟәа аныргоз, даара еиҿкаан аус. Аимадара, аизыӡырыҩра ыҟан", - абас дхәыцуеит Асланбек.

Ар рԥыза ихаҭара

Аветеран агәымшәара инаҷыданы, усҟан аԥсуа ар рԥыза ихаҭара иаҵанакуаз рацәоуп ҳәа иԥхьаӡоит. Абар уи хҳәаас иеиҭо:

"Ар рԥыза Владислав Арӡынба иганахь ажәлар ирымаз агәрагара иаҵанакуаз рацәан. Уи ада иааишьагьы ыҟамызт. Усҟан аԥсуаа Анцәа дрыхәеит. Даара акраҵанакуеит ажәлар рполитикатә ԥхьагыла дзеиԥшроу. Аҟабардақәа ртәы сҳәозар, иара иаразнак ргәы дҭашәеит. Ҳара уи ԥсыуак иаҳасабала мацара ҳихәаԥшуамызт, дадыгуп ҳәа даҳшьон. Знызаҵәык данырба нахыс ҳбыргцәа – ари хьаҳәаԥаҳәада зыгәра угаша уаҩуп рҳәеит. Ҳара агәра ҳгон Арӡынба шьҭахьҟа дышхьамҵуаз. Иара убас, Сулҭан Сосналиев ахԥша ду иман усҟан. Уигьы игәра ҳгон. Ҳара аофициалтә арбџьармчқәа ҳреиуамызт, уеинралзаргьы, угәра ҳамгозар ҳуццаӡом. Хатәгәаԥхарала иааз рахьтә 20 шықәса зхыҵуаз дубарын, 40 зхыҵуаз дубарын – еиуеиԥшымыз ауаа ыҟан. Арҭ зегь еидукыларц азы угәра ргозар ауп", - абас иҳәоит Марзеи, ар рԥыза ихаҭара дазхәыцуа.

Ан лпароль

Асланбеки сареи ҳаицәажәарақәа хыркәшауа, сиазҵааит иара еибашьра данаауаз иҭаацәа иахырҳәааз. Хаҭала, ишԥалыдылкылеи уи иан, зԥазаҵә еибашьра дцоз. Асланбек иашьеиҳаб машәырла дҭахахьан. Дыҟан иаҳәшьа.
"Сара санцоз сан аҩны дыҟамызт. Авгус 16 рзы сықәҵит, 17 рзы сашьа машәырла иҭахаз иԥсхәы ыҟан. Саб уи аҽны акгьы иамҳәаӡакәа сцеит. Нас, саныгьежь, азҵаара ыкәиргылеит – изсоумҳәазеи, сара усмышьҭыр ҳәа ушәозма ҳәа. Машьынала санцоз, саанымгылаӡакәа ашә ныдыжьлан сымцази, аетикет еилоугеит, сумбошәа ҟаҵаны уахьцаз иҳәан, дсықәымчит. Сан лгәы ҭынчмызт. Нас исалҳәеит: "Анцәа сиҳәон уршьыргьы, уԥсыбаҩ соурц азын, ҳаӷацәа ирԥыхьамшәарц убаҩ. Ишақәнагоу анышә уамаздарц", - ҳәа. Аҷкәынцәа ҭаханы ианнаргалакгьы, рҭаацәа рахьтә аӡәымзарк агәынамӡара ааирԥшуамызт. Руалԥшьа нарыгӡеит рҳәон. Ҳәарада, ачынуаа ракәын ари аус иаҿагылоз. Гәаныла иҟаларын иадгылозаргьы, аха ахатә бзазареи аҟәардәи раҳаҭыраз дара иалырхуеит аҩбатәи. Сан Жениа Емгах дхаҵамԥҳәысуп, лҟазшьа џьбароуп. Абри хатәгәаԥхарала аибашьра ацара ааныркыларц ианалагаз, Нальчик амитинг ыҟан. Жениа уа днықәгылан, ус лҳәеит: "Ачынуаҩ иԥа иарбан исфара ҳәа есышьыжь афатә алиԥшаауазар – уи еибашьра дцаӡом ииарҭа ԥха ааныжьны. Шәа шәтәқәа цаӡом, русқәа маншәалоуп, аха ҳа ҳтәқәа ахьӡи, ахьымӡӷи, анамыси рымоуп азы ицеит", - лҳәеит. Пицунда ҳаныҟаз, арадиоеимадарала мчыбжьык ахь знык ҳанеицәажәоз, "арахь уааиуазар аҳақәеи аҵәақәеи шьҭумхын" лҳәеит (аграната уҳәа аибашьраҿы рхы иадырхәо азы) парольҵас. Уа аиҿагылара ыҟамзи усҟан. Амчреи ауаажәларреи аиҿагылара рыман Аԥсны азы. Усҟан Ельцин ипозициа закәыз жәдыруеит. Амчра иҟарҵаша иақәшәомызт, ар аларгалеит Нальчик. Аидыслара ҟалар алшон", - ҳәа аибашьра иадҳәалоу аполитикатә ԥсҭазаарагьы игәалаиршәоит Марзеи.
Асланбек Марзеии Адгәыр Какобеи
Аибашьра аналагоз аԥҳәыс дизҳәаны дтәан Асланбек. Апрель 22 1993 шықәсазы иара аҭаацәара далалеит. Иахьа ҩыџьа аԥацәеи ԥҳаки драбуп. Уажәы Аԥсны дынхоит, аус иуеит Аԥсуаҭҵааратә институти ҳуниверситети рҿы. "Арратә культура" атемазы акандидаттә диссертациа ихьчеит. Иҽазыҟаиҵоит ҽаҩраҭагалан адоктортә диссертациа ахьчара.
"Ара сыҩны сыҟоушәа сыҟоуп. Ачарахьгьы, аԥсрахьгьы сныҟәоит", - иҳәеит ҳаиԥырҵымҭаз Аԥсны Афырхаҵа Асланбек Марзеи.
Асланбек Мирзоев