АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik. Махачкала иҭахаз рхыԥхьаӡара 35-ҩык рҟынӡа инаӡеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АҶА.
"Махачкала аԥжәара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы иԥшаауп даҽа хәҩык рыԥсыбаҩқәа. Иҭахаз рхыԥхьаӡара 35-ҩык рҟынӡа инаӡеит. АҶА аусзуҩцәа аиқәырхаратә усурақәа мҩаԥыргоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Шәҩык инарзынаԥшуа ааха зауз ауаа ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп. Иҟоуп зҭагылазаашьа хьанҭоу.
Амца ахы акит абылтәы зҭаз ацистернаҿынтә, анаҩс абылтәыҭаҭәарҭахь ииасит. Ацистернақәа ааба рҟынтәи ҩба ԥжәеит. Иҭахази ааха заузи рыбжьара иҟоуп ахәыҷқәагьы.
Амцарцәаҩцәа амца дырцәеит иара амҽхак 600 метр ԥшьыркца ианынаӡоз. Ашьаус хацыркуп "ахархәаҩцәа рыԥсҭазаара ашәарҭадаразы ма ргәабзиаразы ихәарҭам, ҩыџьа ма инеиҳаны рыԥсҭазаара гәҽанымзаарыла иҿахызҵәаз амаҵзурақәа рынагӡара" ахәҭаҷ ала.
Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи дрыдышшылеит Владимир Путин. Нанҳәа 15 ареспубликаҿ алахьеиқәра иамшны ирылаҳәоуп.