Урыстәыла

Ҟрым ауаҩԥсы украинатәи амаҵзурақәа аус ахьрыциуаз азы даанкылоуп

Иаанкылоу ишиҳәаз ала, 2020 шықәса раахыс Украина амаҵзура ҷыдақәа аус рыциуан, арратә операциа ҷыда ианалага инаркны икуратори иареи еиҳагьы еиныруа иалагеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik. Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа дааныркылеит Ҟрым ауаҩԥсы украинатәи амаҵзурақәа аус ахьрыциуаз азы ҳәа аанацҳауеит АШәМ апресс-маҵзура.
58 шықәса зхыҵуа Урыстәыла атәылауаҩ украинатәи анационалисттә идеологиа дадгылаҩуп. Иара Украина АШәМ ахь инаишьҭуан аибашьыгатә ҟазшьа змоу аидарақәа реиҿкаареи рымҩангареи рзы адыррақәа.
Иара иҿы иқәшаҳаҭхеит УШәМ аус шациуаз азы, иҳәеит анапылаҟаҵара бомба ҵәахны иахьимаз аҭыԥ ахьыҟоу. Ашьаус хацыркуп артҟәацгатә маҭәашьарқәеи ахархәагақәеи закәаншьаҭада рымазаараз, рыҵәахраз (УА АЗ ахәҭаҷ 222.1. ахәҭа 1).
Ахаҵа дырбаандаҩуп, аусурақәа мҩаԥыргоит егьырҭ ацәгьоурақәа дахьынӡарылахәу ашьақәыргыларазы.