Урыстәыла

Шоигу Урыстәыла ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа ринтересқәа рыдгылараҿ иаԥхьагылоуп иҳәеит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра еиҿнакаауа Жәларбжьаратәи ашәарҭадараз XI Москватәи аконференциа мҩаԥысуеит нанҳәа 15 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Жәларбжьаратәи ашәарҭадараз XI Москватәи аконференциаҿы иҳәеит аҭоурых "Урыстәыла ихьыԥшым ахатә политика мҩаԥызгарц зҭаху ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа ринтересқәа рыдгылараҿи рыхьчараҿи иаԥхьагылахарц" ароль алахьынҵахеит ҳәа.
"Урыстәыла, ихьыԥшым ахатә политика мҩаԥызгарц зҭаху ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа ринтересқәа рыдгылараҿи рыхьчараҿи аԥызаратә ҭыԥ ааннакылоит. Усеиԥш алахьынҵоуп. Мраҭашәара хырхарҭактәи адунеиеиҿкаара ацәыӡыр ҳәа ишәаны, арратә ҟазшьала иӷәӷәоу аӷа иаартны иҿагылара аҭахымкәа адунеи зегь аҿы аимакқәа аԥнаҵоит", - иҳәеит иара.
Шоигу инаҵшьны иазгәеиҭеит Мраҭашәаратәи атәылақәа рыҽшазыршәо егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рресурсқәа рымпыҵахалара, ахатә ԥҟарақәа рыдгалара.
Аконференциа мҩаԥысуеит арра-техникатә форум "Арра-2023" аҳәаақәа ирҭагӡаны нанҳәа 15 рзы. Иара иалахәуп шәкы инареиҳаны атәылақәеи, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи, аекспертцәеи. Алахәылацәа ироуеит алшара иҿыцу аҭагылазаашьақәа раан аинырра азҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа еимырдарц. XI Москватәи аконференциа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра еиҿнакаауеит.