Урыстәыла

Украинатәи асолдаҭ ԥсраҽнынӡа аҭакра иқәырҵеит ԥшьҩык ауаа ахьишьыз азы

Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы украинатәи аруаа аҭынч уааԥсыра рганахьала рыцәгьоурақәа иара убасгьы аибашьраҿы ззин ыҟам аметодқәа рхы ишадырхәо ҭнаҵаауеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik. Украинатәи асолдаҭ ԥсраҽнынӡа аҭакра иқәырҵеит ԥшьҩык аҭынчуаа рышьразы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы.

Васили Шитриа аграждантә уааԥсыра рганахьала дымҽыӷын, аибашьраҿы ззин ыҟам аметодқәа ихы иаирхәон, ҩыџьеи инареиҳани ауаа ишьит аполитикатәи аидеологиатәи цәымӷра амотивқәа шьаҭас иҟаҵаны ҳәа дшьоуп.

Ашьаусҭҵаара ишьақәнарӷәӷәеит мшаԥы 5-7 рзы 23-тәи амотошьаҟатә баталион Мариуполь игылан. Шитриа акомандаҟаҵаҩ адырра ииҭеит дара рахь рхы рханы ишаауаз ҩыџьа ахацәеи ҩыџьа аҳәсеи. Зус рыӡбоз иажәақәа рыла арҭ ауаа абџьар рыдбаламызт, шәарҭаракгьы рхылҿиаауа иҟамызт. Ус шакәызгьы, иара арҭ ауаа ишьырц адҵа иҭан, дреихсынгьы ишьит, 27-нтә еиҵамкәаны иавтомат ҭырҟьаны.
Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы украинатәи аруаа аҭынч уааԥсыра рганахьала рыцәгьоурақәа иара убасгьы аибашьраҿы ззин ыҟам аметодқәа рхы ишадырхәо ҭнаҵаауеит. Аӡбарҭа урҭ рахьырхәышьа ҳәаақәнаҵоит.
Урыстәыла
"Азов"* аибашьҩы 25 шықәса иқәырҵеит ДЖәР аруаҩ дахьишьыз азы