Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳагԥҳаи Ԥачлиаԥҳаи аԥсшәа ахьгәцаракыз ҽынлатәи алагер алҵшәақәа

Sputnik
Аԥхын аԥсшьарамшқәа рзы аҳҭнықалақь аҟны ахатәы зеиԥшҵарадырратә школ "Альфа" ахыбраҿы ахәыҷкәа ирзеиҿкааз ҽынлатәи алагер аусура хнаркәшеит. Уи иаҭаауаз ԥсыуа бызшәала ицәажәаларц, адыррақәеи аԥсшьареи хеибазырҭәаауа апрограмма рзеиҿкаан. Ахәыҷқәа х-гәыԥкны иршон абызшәа шырдыруа ҳасаб азуны. Алагер аус ауан рашәара 16 инаркны нанҳәа 11 рҟынӡа, ԥшь-сменак аднакылеит, 600 –ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа аҭааит.
Арадио Sputnik аефир аҟны аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа Кама Ԥачлиаԥҳаи Милана Ҳагԥҳаи еиҭарҳәеит аԥсуа бызшәа гәцаракрыла иахьазнеиуа ҽынлатәи алагер лҵшәақәас иамаз, зхатәы бызшәа ззымдыруаз ахәыҷқәа иахьынӡарыцааиуаз, иахьынӡаларшаз аԥсышәала еицәажәалартә еиԥш аҟаҵара.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.