Урыстәыла

Бриансктәи аобласт алалара зҽазызшәаз украинатәи адеверсантцәа ҭархоуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Ԥшьҩык украинатәи адеверсантцәа Бриансктәи аобласт аҟны иҭархоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура.

"Урыстәыла АШәМ, Атәылахьчара аминистрра Бриансктәи аобласт Стараодубтәи араион ахәаахьчараҟны иааԥдырҟәҟәааит Урыстәыла алалара зҽазызшәаз украинатәи адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥ", - ҳәа аҳәоит арелиз аҟны.

Иахьеиҿахысуаз аҭыԥ аҟны, аҳәаанырцәтәи абџьармаҭәа анаҩс арҭҟәацгатә шьакәгылақәи аимадаратә маругақәеи рнаҩс ирбеит, FPV-адронқәа "Урыстәыла АШәМ ахатәра" ҳәа здырҷаблаз.