Аибашьра атема иадҳәаланы ажәабжьқәеи аповестқәеи рыҩра саҿуижьҭеи крааҵуеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Лагәлаа.
"Ҳара ҳажәлар рхьаа, рыгәҭыха, ргәеибафара рныԥшуазар сҭахуп сырҿиамҭақәа. Уаҵәы игыло аҿар ирдыруазароуп ҳажәлар рҭоурых, изнысыз. Убри зегьы ирныԥшуазшәа збоит сырҿиамҭақәа. Ануаа рхәы астратегиатә ҵак ду аман. Убри ахәы иахысны ақырҭцәа Аҟәа иалалазҭгьы, аибашьра еиҳагьы ицәгьахон. Ахәы ақырҭцәа рнапаҵаҟа ианыҟалоз, иаразнак ирымпыҵырхуан аԥсуаа. Уи рхы ақәҵаны еиқәдырхон ҳаибашьцәа. Абри ажәабжьгьы Ануаа рхәы иадҳәалоуп, асиужет зегьы уа имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирызкуп. Схы сыԥсы зегьы аҭаны изҩит", - азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы ашәҟәыҩҩы.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.