Аԥсабараҿ иҟоу аглобалтә ҳауаеиҭакра абанӡаҭырҵаауа аҭыԥантәи аспециалистцәа, мзыз хадақәас иамоу, аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ауаҩы илшо азы, арадио Sputnik аефир аҟны ргәаанагара рҳәеит Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанааи Аекологиа аинститут аусзуҩы Асида Ахсалԥҳаи.
Ақәоурақәа рышьҭахь аӡхыҵрақәа абна ахшьаара ауп изыхҟьаз ҳәа агәаанагара дақәшаҳаҭым Ҷыҭанаа.
"Адәныҟа ацәажәарақәа рҿы иуаҳауеит, аҵла зегь хыршьааит, абна хыршьааит, хымԥада, уи иахҟьеит ҳәа. Иаахҵәацәҟьаны абри иахҟьеит ҳәа аҳәара уигьы иашам, сақәшаҳаҭым. Апроблема еилукаар уҭахызар, аиҿарԥшрақәа ҟауҵар, урҭ иудырбоит адинамика шыҟоу. Аҵла ахшьаара, абна аԥҟара аҭыԥ амаӡам сҳәаӡом, иамоуп. Ажәа "ахшьаара" хәыҷык имыцхәызар ҟалап. Аибашьра ҟалаанӡа аԥсны абна апҟара иазоужьын 450 нызқь куб шықәсык. Сынтәа аҳәынҭқаррала ишьақәырӷәӷәаны абна аԥҟара азин ыҟоуп ҳәа ирыҭоуп 28 нызқь куб", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Ахсалԥҳа иазгәалҭеит аҳауа аиҭакра, хымԥада, жәларбжьаратәи проблеманы иҟоуп. Аԥсны ашьхаҭыԥ аҟны аҳауа ас еиԥш аԥхарра аҵалара зыхҟьо ҳәа ҩ-факторк алылкааит.
"Актәи афактор иара Амшын Еиқәа аӡы апҳарра аҵалеит. Абар 30 шықәса рыҩнуҵаҟа иаҳбоит есышықәса аԥхарра шышьҭыҵуа…Аҩбатәи афактор хадараны иҟоу дара ашьхақәа рхаҭа роуп. Иҟоуп аҭыԥқәа абна ахьхыршьааз. Абна еизҳаӡом. Убри азы ҭыԥқәак рҿы аԥшаласрагьы аҽарцәгьеит, иара убасгьы адгьыл аҳәазара иалагеит", - лҳәеит Ахсалԥҳа.
Аԥсабаратә цәырҵрақәа рымчра ҳаракуп аԥҟарақәа еилаганы аргыларақәагьы ахьырацәоу ҳәа азгәалҭеит лара.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.