Нанҳәа 19 рзы Аԥсны иаадыртуеит ашәарыцара аамҭа. Ачашәара азин ыҟоуп нанҳәа 19 инаркны жьҭаара 31 рҟынӡа. Анаҩс цәыббра 15 инаркны ажьырныҳәа 15 рҟынӡа амшәқәа рышьра ҟалоит; абынҳәа, аԥслаҳә, ашьабысҭарышьразы азин ыҟоуп жьҭаара 1 инаркны ажьырныҳәа 15 рҟынӡа. Ашәарыцараан ҽнакала иушьуа ачақәа ҩажәа иреиҳамзароуп, ацыблыкьқәа – хәба.
"Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо абџьар аашьҭхны шәарыцара инҭыҵуа "ҽаанбзиала" ҳәа расҳәоит. Ашәарыцара аныҟәгара цәгьоуп, иаҭаху ала уныҟәароуп, уеиҳабы, уеиҵбы пату рықәуҵароуп. Алақәа анкьа ианышәарыцуаз аҿымшқәа ҳәа ирышьҭан. Ачақәа саныхәыҷызгьы ирҭиуан. Саб ус иҳәалон "абри иунаҭыз ахыи ахәшәи ааугароуп акәымзар, уаҳа акы алааухәар ҟалаӡом, ҵасӡам" ҳәа. Уажәы иакәым аныҟаҳҵогьы ыҟоуп. Ачашәара хәыҷык сгәахшәаны иҟоуп уажәы. Саныхәыҷыз ахьшь ала ача ҳкуан. Шьыжьымҭан ашәақь ала ҳчашәон, шьыбжьон ахьшь ҳаманы ҳцон. Аԥсҭазаара бзиа ыҟан. Урҭқәа ҳхашҭит, иаҳцәыӡуа ҳалагеит, ачақәагьы маҷхеит", - иҳәеит Ԥкьын.
Иара иазгәеиҭеит ачашәара аԥҟара аилагара, абыжьқәа рганы ачақәа рыкра уҳәа реиԥш иҟоу ацәырҵрақәа иаразнак аханатә иахьаанымкылахаз аҟынтә, аус арҽеира шьҭа иуадаҩуп ҳәа.
"Сҩызцәеи сареи зны аамҭала ҳалаган "иҟашәымҵан" ҳәа раҳәара, аха изаҳауа ҳәа сымбеит. Ас еиԥш знык ицәырҵаанӡа ихәарԥсны иузымкыр, нас аҟәыхра цәгьоуп, ус ицалоит ауп. Иара ача иҟаз аԥаса иашьҭаӡамыт, уажәы иахьхыҵуа еибарыҩуа иашьҭоуп, ихыҵаанӡа иркуеит, акәтаӷь хырхоит. Ус ҳашнеиуа ажәлагьы ыҟамкәа иҟалоит…Ухы пату ақәҵаны ушәарыцар, аӡәгьы гәыбӷан уиҭаӡом. Салаҳаит ҳәа амцхә ашьра ҟалом, иахьа зегьы шьны, уаҵәы узышьҭало ыҟамкәа иашаӡам", - иҳәеит ашәарыцаҩ.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥсны ашәарыцара аамҭа хыркәшахоит хәажәкыра 15 рзы. Аԥсны рышьра ҟалоит абӷаџьма, ақәасаб, абынҳәа, амшә, абга, абгалаџ. Азин ыҟам Ашәҟәы ҟаԥшь иану рышьра. Уахь иаҵанакуеит адәԥыҭҳәа, абнацгәы, аҵларкәыкә, ишәаҳәо аҵарақәа.
Уи адагьы, ашәарыцара ҟалом аҳәырԥсаррақәа, амилаҭтә паркқәа, ааглыхратә ҭыԥқәа рыҟны, ақалақьқәа рыкәша-мыкәша х-километрак иахьаҵанакуа.
Ашәарыцаҩ данҭыҵуа имазароуп х-шәҟәык: ашәарыцаратә еилазаара аҟынтә ашәҟәы, ашәақь аныҟәгаразы Аԥсны ААР аҟынтәи аршаҳаҭга, иара убас аҳәынҭбаџь шшәоу азы абӷьыц.