Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Владимир Путин Ростовтәи арратә штаб даҭааит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Ростов-на -Дону иҟоу арратә операциа ҷыда аштаб аҽеихшарҭаҟны аилацәажәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
Ар рхада Аштаб хада аиҳабы Валери Герасимов иажәахә дазыӡырҩит, иара убас егьырҭ арратә операциа ҷыда анапхгаҩцәа.
Урыстәыла ахада уажәаԥхьа арратә штабқәа дырҭаахьан хәажәкырамзазы. Усҟан иара Херсонтәи ахырхарҭаҿы игылоу ар ргәыԥ "Днепр" аштаби ЛЖәР игылоу амилаҭтә гвардиа аштаб "Востоки" дырҭааит.
Украина арратә операциа ҷыда иалагеит 2022 шықәса жәабран 24 рзы. Владимир Путин иҳәеит "киевтәи арежим аҟынтә ауаа рыхьчара хықәкыс ишамоу", далацәажәеит Донбасс ахақәиҭтәреи Урыстәыла ашәарҭадареи ишазку.
ДЖәР, ЛЖәР, Запорожиеи Херсони робластқәа Урыстәыла иалалеит 2022 шықәсазы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа украинатәи аракета С-200 ҭадырхеит Ҟрым