Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Шугенԥҳа "Ишьаарҵәырахаз ачара" иазкны

Sputnik
Аԥсуа Аҿар ртеатр аҿы аспектакль ҿыц аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп. Аиспан драматург Федерико Гарсиа Лорка иҩымҭала "Ишьаарҵәырахаз ачара" ықәиргылоит Нхыҵ Уаԥстәылатәи атеатр асахьаркыратә напхгаҩы Гиви Валиев. Аҭаца лроль назыгӡо Есма Шугенԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҽазыҟаҵарақәа шцо атәы, лроль шлыдылкылаз, насгьы арежиссиор ҿыци лареи русеицура атәы.
Аԥсуа Аҿар ртеатр ахәаԥшцәа ирыдыргалоит ақәыргыламҭа "Ишьаарҵәырахаз ачара" нанҳәамза 22-23 рзы Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмаа 85 шықәса лхыҵра иазкны.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.