Арадио

Сара сус: Киутԥҳа-Амҷба хкы рацәала ашәҟаҵара иазкны

Sputnik
Мадонна Киутԥҳа-Амҷба арадио Sputnik адырраҭара "Сара сус" аҟны илҳәеит лҭаацәа ахьара бзианы ишроуа, еиуеиԥшым ашә хқкәа рыҟаҵара лнапы шалаку, урҭ злырхәҳауа.
Мадонна акыр шықәса аҳасабеилыргаҩс аус луан. Арадиостудиаҟны лара еиҭалҳәеит лыԥшәмеи лареи Ҵабал арахә ааӡара ишалагаз, уи аӡбамҭа дахьхәу-дахьымхәу, ҩажәа хкы инарзынаԥшуа еилалҵо ашәқәа рҟынтәи иаҳа иргәаԥханы иаархәо арбану, аҩы зҭаны иҟалҵо ашә иадкыланы иуфар акәу. Убасгьы лара еиҭалҳәеит ахәаԥа змоу ашә шыҟаҵатәу, анхара ду аныҟәгара иацу акәамаҵама, аџьабаа, агәышьҭыхра.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.