Аԥсны

Арӡынба Беларусь Аԥсны азханаҵар, шьаҿа духон иҳәеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ареспублика жәларбжьаратәи азхаҵара аиурц азы аусура ишаҿыц иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik. Беларусь Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵар, шьаҿа духон аԥсуа ҳәынҭқарра арӷәӷәаразы иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Очамчыра араион ауаажәларра рԥылараан.
"Ҳара Ареспублика Беларуси ҳареи аимадара бзиақәа ҳабжьоуп. Беларусь ҳазханаҵар, шьаҿа духон аԥсуа ҳәынҭқарра арӷәӷәаразы", – ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.
Иара инаҵишьит Беларусь Аԥсны азханаҵар, уи ҳхыԥшы шышьҭнахуа, ишышьақәнарӷәӷәо. Арӡынба агәра ганы дыҟоуп жәларбжьаратәи ҳахсаала ҳарҭбааразы иҳамоу алшара шҳаҩҳмыжьыр акәу.
Аԥсны
Урыстәыла 2008 шықәса раахыс Аԥсны 110 миллиард мааҭ афинанстә цхыраара анаҭахьеит
2022 шықәса цәыббрамзазы Александр Лукашенко раԥхьаӡа акәны Аԥсны даҭааит. Аԥсны ахажда Аслан Бжьаниа аиԥыдлара аихшьаалақәа ҟаҵо иазгәеиҭеит Белоруссиа ахада хтәылахь иаара агәыӷра дуқәа шадаҳҳәало.
Бжьаниа Белоруссиаҟа днеит 2023 шықәса жәабранмзазы.