Арадио

Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп: Шәырдлаа сынтәатәи аарыхреи анхаҩы иџьабааи ртәы

Sputnik
Кындыӷ инхо Омар Шәырдлаа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит сынтәа аарҩарақәа шыҟоугьы, аарыхра цәгьам, амла уакыртә иҟам ҳәа. Анхаҩы инапы алакуп абаҳчааӡара, акарпыжә аарыхра, арахә ааӡара.
Аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.