Урыстәыла

COVID-19 ԥсабарала ицәырҵит ҳәа аверсиа иахцәажәеит Адунеитә гәабзиарахьчаратә еиҿкаара

Акоронавирустә инфекциа COVID-19 Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара макьана аҭҵаара иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. COVID-19 аиҳарак иԥсабаратәуп ҳәа иазыршьоит апандемиа алабораториатә ҟазшьа аман ҳәа иҟаз агәаанагарақәа раасҭа иҳәеит Financial Times аинтервиу азҭаз Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара аҭҵаарадырратә усзуҩ Џьереми Фаррар.
"Еиҳа ҳазкылсуа ҳалагеит авирус ԥсабаратәуп ҳәа ашьара. Аха иара ахьцәырҵыз агеографиа, ацентр (Ухантәи алабораториа - аред.) ҵак рымам ҳәа иузшьом", - иҳәеит иара.
Ус шакәугьы, аиҿкаара аковид аҿиаразы ицәырҵуа иарбанзаалак агәаанагарақәа ҭнаҵаауеит Ухантәи авирусологиа Аинститут алабораториаҟынтә иалаҵәеит ҳәа иҟоу инаркны.
Китаи амчрақәа ԥхынҷкәын 31, 2019 шықәсазы Адунеизегьтәи агәабзиарахьчараз аиҿкаара адырра анаҭеит ақалақь Ухань (апровинциа Хубеи) аҿы уаанӡа идырмыз аҿкчымазара гәаҵәыхь шцәырҵыз азы. Убри аан аԥхьатәи ачымазцәа амшынаалыҵ ахьырҭиуаз аҭыԥантәи аџьармыкьа иадҳәалан. 2020 шықәса ажьырныҳәамзазы Китаи официалла ирылаҳәан уаанӡа идырмыз акоронавирус хкы авирустә гәаҵәыхь ишахҟьаз. Хәажәкыра 11, 2020 шықәсазы усҟантәи аиҿкаара ахада Тедрос Адханом Гебреиесус аҳәамҭа ҟаиҵеит акоронавирус апандемиатә ҟазшьа шышьҭнахыз.