Урыстәыла

Иԥсҭазаара далҵит ашәаҳәаҩ Тото Кутунио

Еицырдыруа ашәақәа "L’italiano", "Serenata" рынагӡаҩ идунеи иԥсахит 80 шықәса дшырҭагылаз.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik. Адунеи аҟны еицырдыруа италиатәи ашәаҳәаҩ Тото Кутунио иԥсҭазаара далҵит 81 шықәса дышрықәыз Милан, абри атәы аанацҳауеит Риа Новости ателеканал Rainews24 шьаҭас иҟаҵаны.
Ашәаҳәаҩ именеџьер иажәақәа рыла, Кутуньо идунеи иԥсахит акыраамҭа ихьуаз ичымазара аҵыхәтәантәи амзаз зыҽзырцәгьаз иахҟьаны.
Сальваторе (Тото) Кутунио диит ԥхынгәы 7 1943 шықәсазы Тоскана арегион аҟны. Имузыкатә рҿиара мҩа данылеит 1975 шықәсазы. Аус рыциуан 70-80-тәи ашықәсқәа рызтәи адунеи аестрадатә еҵәахәқәа Адриано Челентано, Миреи Матие, Джо Дассен уҳәа.