Аԥсны

"Ласточка" Шәачеи Гагреи рыбжьара аамҭеихша ҿыц ала иныҟәалоит

Апассаџьырцәа рымаҵ аура аҩаӡара ашьҭыхразы Шәачеи Гагреи рыбжьара "Ласточка" амҭеихшара ҿыц ала иныҟәалоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Цәыббрамза 1 инаркны Шәачеи Гагреи ирыбжьоу афымцадәыӷба "Ласточка" аныҟәара аамҭеихшара аҽаԥсахуеит ҳәа аанацҳауеит Нхыҵ-Кавказтәи аихамҩа апресс-маҵзура.

Аихамҩатә аангыларҭа Шәача аҟынтәи афымцадәыӷбақәа Аԥсныҟа идәықәҵахалоит ҽнак ҩынтә: асааҭ 08:50, 17:42 рзы. Адәыӷба Гагра иааиуеит асааҭ 13:06, 21:30 рзы.

Гагрантәи адәыӷба дәықәлалоит асааҭ 13:26, 21:40 рзы. Шәача инеиуеит асааҭ 17:24, 00:40 рзы. Гагрантәи адәыӷбақәа руак зхырхарҭа дуу ала Шәачатәи аангыларҭаҟынӡа иныҟәалоит, аҩбатәи - аангыларҭа "Аҳаирбаӷәаза" аҟынӡа ауп иахьныҟәало.
Ԥхынгәы 28 рзы "Ласточка" Аԥсныҟа даанагеит жәанызқьтәи апассаџьыр.