Арадио

Џьопуа абылтәы азы: иара ҟалоит, ара ахә ауп рыцҳарас иҟоу

Аԥснытәи абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы ахә аизҳара азгәаҭоуп. Изыхҟьеи ахәқәа рыцлара, урҭ еиҭа рҽырыԥсахраны иҟоума, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Аԥсныбылтәы" аиҳабы Рамаз Џьопуа.
Sputnik
Лаҵарамза инаркны абылтәы ахәԥса ацлара иалагеит, аха сынтәа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа еиԥш ҟамлацызт ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Џьопуа.
"Ҳара абылтәы ааҳгоит Урыстәылантәи. Урыстәыла аҳәаа анҭыҵ ирго абылтәқәа рыхә иацырҵеит. Уи аҭагылазаашьа ҳаргьы ҳаҵанакит. Азҵаара ӡбатәуп. Иҟаҵатәуп ус еиԥш ҳара ҳаҵанамкырцаз. Ашәҟәқәа ҳаҩит Аԥсны атәыла ахада иахь. Москва аиԥыларақәа руак аҿы азҵаара шьҭыхын, аха Аслан Бжьаниа игәамбзиара иахҟьаны аус нагӡамхеит. Абылтәы ахаҭа ыҟоуп, ҩынтә еиҳаны ахә ахҭынҵаны иааргеит, ишаҳҭииуа ҳаздырӡом. Абылтәы ҟалоит, ара ахә ауп рыцҳарас иҟоу", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
"Аԥсныбылтәы" аиҳабы иажәақәа рыла ҩымчыбжь рыҩнуҵҟала 8 мааҭк рҟынӡа ахә халеит. Аҳәынҭқарра ишьақәнаргылаз ахә ала сара иацысҵоит, аха ишахәҭоу исзыҟаҵаӡом, избанзар нас ахә зынӡагьы иҳаракхоит ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.