Урыстәыла

Владимир Путин урыстәылаа Абираҟ амш рыдиныҳәалеит

Урыстәыла Абираҟ амш азгәарҭоит 1994 шықәса нанҳәа 22 раахыс ҳәынҭқарратә символикак аҳасаб ала.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Владимир Путин Урыстәыла атәылауаа аҳәынҭқарратә бираҟ Амш рыдиныҳәалеит. Адныҳәалара кьыԥхьуп Кремль асаит аҿы.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит Урыстәыла абираҟ аҭоурых азқьышықәсақәа ишыргәылгоу, Урыстәыла аҭоурыхтә бираҟқәа зегьы - Инапылаҟаҵарам, Аныхачаԥа асахьа зну, аимпериа аамҭазтәи аиқәаҵәа-ҩеижь-ашкәакәа ԥшшәхәқәа рыла еибыҭаз абираҟ, асовет аамҭазтәи абираҟ ҟаԥшь, ҳаамҭазтәи х-ԥшшәыкла еиҿкаау абираҟ - Урыстәыла аҳәынҭқарра аҿиара рныԥшуеит, убри инамаданы атәылауаа ҳаҭыр-пату рықәырҵалароуп ҳәа.

"Урыстәыла - зҭоурых азқьышықәсқәа зхыҵуа тәылоуп, цивилизациоуп. Ҳҳәынҭқарратә бираҟгьы ҳакзаара иасимволуп. Агәра ганы сыҟоуп уи еснагь ԥхьаҟацара, аиааира, Урыстәыла ахьӡ ашьҭыхра рҭаххара ҳгәаҵақәа рҿы ишарҿиауа", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.