АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭан ахатәы ҩны блит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Абылра шыҟалаз азы аусбарҭахь адырра ҟаҵан асааҭ 10:27 ахаша, нанҳәа 23 рзы. Абылра ахьыҟалаз аҭыԥахь инеит амцарцәаҩцәа.
Иаарласны амца ырцәан, ааха зоуз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам.