Аҳақьым иазгәалҭеит иахьазы аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу аковид чмазара аганахьала, аха ахәшәтәырҭаҟны уи зыхьуа шышьҭоу.
"Ачымазцәа ҳаҟәшаҟны есымша ишьҭоуп, иахьазы ԥшьҩык ҳамоуп. Арҭ ачымазцәа аковид анаҩсгьы ирымоуп агәыхь, ашьақар, арԥҳа чымазарақәа. Убри аҟынтә иуадаҩны ирхыргоит. Дара абжьаратәи ақәра иахысхьеит. Ахәшәтәра усҟан ишымҩаԥаҳгоз еиԥш акәӡам, избанзар иаҳа иманшәаланы ирхыргоит уи ачымазара ԥыхьа аасҭа. Иҟоуп жәамш ишьҭоу, ҩымчыбжьа, хымчыбжьа", - лҳәеит Бениаԥҳа.
Аҳақьым иазгәалҭеит аковид чмазара аганахьала аҭагылазаашьа уажәы иҭышәынтәалазаргьы, ахыхьчара шаҭаху.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.