АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik, Бадри Есиава. Алаҳаӡы ақыҭан амҩан иҟалаз амашәыр аҟны дҭахеит 1958 шықәсазы ииз ахаҵа ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Гагра араион Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә хәҭаҟны.
Амҩан амашәыр шыҟалаз азы адырра ҟалеит асааҭ 7:50 рзы ахаша, нанҳәа 23 рзы. Адырра шыҟала иаразнак аиқәырхаҩцәа аҭыԥахь инеит.
Аусбарҭаҟны ирҳәеит, амашәыр шыҟалаз Алаҳаӡы ақыҭан Ешба имҩан. Уаҟа автомашьынақәа Toyota, BMW еиҿасит, аԥсҟы зкыз аӡәы дҭахеит.
Амашәыр аҟны амашьынақәа Toyota аԥсҟы зкызи, BMW иҭатәаз апассаџьыри аахақәа роуит. Дара араионтә хәшәтәырҭахь инаргеит.