Нанҳәа 24-25 иара убас 30 - 31 рзы Кәтол ақыҭа иалсуа амҩа иахьаԥну арыцқьаразы аусурақәа мҩаԥысуеит. Анхацәа рахь ааԥхьара ҟаҵоуп рынхарҭақәа раԥхьа, ргәараандақәа иаарыкәыршаны идрыцқьарц идәылҵразы. Очамчыра араион ахадара аҵла дуқәа рхырҿаразы атехникала еиқәдыршәоит. Убасгьы ақыҭа анхацәа, арҵаҩцәа, зхәыҷқәа аҵара зҵо аҭаацәа рахь ааԥхьара ҟаҵоуп ашкол ашҭеи уи акәша-мыкәшеи арыцқьара рхы аладырхәырц. Актәи амш азы Кәтол имҩаԥысуа арыцқьаратә усурақәа ирықәымшәо рахь ақыҭа ахадареи аизареи ааԥхьара ҟарҵеит егьырҭ амшқәа рзы инеирц. Кәтол ахада Геннади Ҵлаииа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит арҭ аусурақәа рқыҭа иаҳа иарԥшӡап, Аиааира 30 шықәса ахыҵра аԥылараан иаҳа аныҳәатә гәалаҟара аԥнаҵап ҳәа дышгәыӷуа.
"Ҳамҩақәа уажәааигәагьы иаҳрыцқьон, аха иҵегь ҳқыҭа ҳарԥшӡап, аветеранцәагьы џьара акала ргәы шьҭаҳхыр ҳҭахуп. Абас еиԥш аԥшьгамҭа ыҟоуп. Кәтол адепутатцәа абри аиҿкаара нап адыркит, араион ахадара аҟынтәигьы ацхыраара ҳарҭоит, амашьына ҳзаауеит аҵлақәа ркарҿараан ухы иаурхәо. Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху амҩа, ҳашкол ашҭа, убасгьы абаҟақәа ишахәҭоу ирыцқьаны иҟаҳҵарц ҳҭахуп", - иҳәеит Ҵлаииа.
Иара иазгәеиҭеит ақалақь аҟны инхо Кәтол иалҵыз аҿар арыцқьаратә усурақәа рхы рыладырхәып ҳәа агәыӷра шыҟоу, ас еиԥш ауснагӡатә ауаа шеиднакыло, ишеибанарбо.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.