Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҟны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа уҳәар шалшогьы, иҟоуп угәы змырҭынчша адыррақәагьы ҳәа иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба араионқәа рахь иныҟәараан. Иабанӡаҭҵаау иахьазы иҟоу аҭагылазаашьа, ҳаизыҟазаашьақәа ирыцу ашәарҭареи, амч ахамырхәаразы адокумент аҟамзаара ҳшәарҭадара ишаныԥшуа, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит аинрал Закан Нанба.
Иахьа иртатаны ицәажәозаргьы, ҳара ҳганахьала Қырҭтәылаа ргәы иҭац акоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Нанба. Аиҳабыраҿы иааилакгьы уи иазхәыцуеит, макьана рҽырҭынчны иааиуеит, аха ашәарҭара ҳҭагылоуп ҳәа инаҵишьит иара.
"Ҳара ҳгәы рҭынчны ҳазтәаӡом. Уи рдыруеит атәылахьчара аминистррагьы. Имҩаԥыргоит аҽазыҟаҵарақәа лассы-ласс. Амч ахамырхәаразы адокумент ахаан рнапы аҵарыҩӡом, аха иага ус иҟаларгьы, дара аамҭа ааит ҳәа ианырыԥхьаӡа акы иаанакылаӡом. Макьана рхы иақәгәыӷуам, рымч иақәгәыӷуам, убри ауп акәымзар адокумет иаанакылаӡом", - ҳәа агәаанагара имоуп Нанба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.