АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Владимир Путин иҳәеит БРИКС алахәылацәа мраҭашәаратәи атәылақәа имҩаԥырго анеоколониализм аполитика иаҿагылоит ҳәа. Атәыла ахада аилатәараҿы иқәгылара кьыԥхьуп Кремль асаит аҟны.
"Ихадароу – ҳара зегьы ахырхарҭа рацәа змоу, ЕАР Аԥҟаԥҵәа апринципқәа рықәныҟәареи жәларбжьаратәи азини шьаҭас измоу, ажәларқәа рсуверентә зини дасу иҿиара ахатә модельи ҳаҭыр ахьрықәырҵо адунеи еиҿкаара ҳахьадгылаҩцәоу ауп. Ҳара иарбанызаалак тәылақәак иаладырҵәо, анеоколониализм аполитика ҿыц апастулат хада – агегемониа ҳадгылацәаҩӡам", - иҳәеит иара.
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, аиҿкаара жәларбжьаратәи аренаҿы апозициақәа шарӷәӷәаз, ринтересқәа еибахьчо Бразилиа, Урыстәыла, Индиа, Китаи, Алада-африкатәи ареспублика аглобалтәи арегионалтәи зҵаарақәа шырыӡбо.
Вашингтон адунеи аҿы иамоу агегемониа ахьчараз аҽазышәарақәа ирҿырԥшны Путин иааигеит Украина аҭагылазаашьа.
"Аԥхьа, мраҭашәаратәи атәылақәа рыцхыраарала аконституциа иаҿагыло амчреиҭакра мҩаԥган ари атәылаҿы, нас – уи иақәшаҳаҭымхаз ирҿагылан аибашьра хдыртит. Аа-шықәса дуӡӡа ицоз, ауаа нзырҵәоз аибашьра", - ҳәа иҳәеит иара.
Путин иҳәеит Мраҭашәара зхы акыз, Донбасс ауааԥсыра ирҿагылаз аибашьра анырҵәароуп Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аусқәа зызку ҳәа, БРИКС атәылақәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит аҭагылазаашьа ҭынчымҩала аҭышәныртәалара иахьалахәу.
БРИКС - Бразилиа, Урыстәыла, Индиа, Китаи, Аладатәи Африка злахәу аҳәынҭқаррабжьаратә еиҿкаароуп. 2006 шықәсазы ишьаҭаркын Петербургтәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны.
БРИКС атәылақәа рҵакыра 26% ныркылоит Адгьыл аҟны, 42% апланета (х-миллиардк) рықәынхоит, адунеитә ВВП 26% рыҵаркуеит.
Атәылақәа рлахәылацәа реиҳабырақәа рсаммитқәа есышықәса имҩаԥысуеит. БРИКС 15-тәи асаммит мҩаԥысуеит нанҳәа 22 - 24 рзы Иоханнесбург. Асаммит аҿы иалацәажәан аиҿкаара арҭбаара азҵаара.