АҞӘА, нанҳәа 23 - Sputnik. Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи атауар-аӡатә биржаҿ абензин Аи-95 тоннак азы 70 нызқьмааҭ рҟынӡа ахә халеит аҩаша, нанҳәа 22 рзы. Абри атәы аанацҳауеит аекономикатә информациатә амаҵзура "Прайм".
Мышкала абиржаҿ абылтәы ахәԥса 0,12% ихалеит.
Убри аан позициақәак рҟны ахәԥсақәа лаҟәит. Убас, иара убри апроцент аҟара илаҟәит Аи-92 ахәԥса, тоннак 61 691 мааҭ иаԥсахеит.
3,57% ахә каҳаит амазут - 32 430 мааҭ тоннак азы. Аӡшьар газқәа рыхә 24 558 мааҭ рҟынӡа ихалеит, автокеросин - 67 447 мааҭ. Аԥхын абылтәы-хьшьтәқәа рыхәқәа ашьҭыҵра иалагеит, аԥхьа абензин, нас - адизель.
Аиҭакрақәа рыдырҳәалоит анефҭусадуларатә зауадқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа .
Убри аан Аенергетика аминистрра иазгәанаҭоит адизельтә былтәы аҩныҵҟатәи аџьармыкьаҿ ишазхо.