Урыстәыла

Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы агәаранқәа цәыббрамзанӡа иҟазаауеит

Аурыс-аԥсуа ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥ алшарақәа бжьынтә еиҳаны ақәыӷәӷәара амоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы агәаранқәа цәыббрамза нҵәаанӡа иҟазаауеит, абри атәы РИА Новости иазеиҭарҳәеит Краснодартәи атәылаҿацә Шәача ақалақь аҳазалхырҭа апресс-маҵзураҟны.
"Ақәыӷәӷәара цәыббрамза нҵәаанӡа иҟазаауеит. Акурорттә аамҭазы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ақәыӷәӷәара ҳаракхоит", - рҳәеит апресс-маҵзураҟны.
Аҳазалхырҭатә усбарҭаҟны ишазгәарҭаз ала, сынтәа иҟоу арбагақәа арекордтә ҟазшьа амоуп. Уахыки-ҽнаки рыла аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуеит 63 нызқьҩык ауааԥсыреи 11 нызқь автомашьынеи.
Аԥсны
Уахыки-ҽнаки рыла аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуеит 63 нызқьҩык ауааԥсыреи 11 нызқь машьынеи