Урыстәыла

Урыстәылатәи абиржаҿы абылтәы АИ-95 ахә рекордтәхеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи атауар-аӡатә биржаҿ абензин Аи-95 тоннак азы 71 нызқьмааҭ рҟынӡа ахә халеит аҩаша, нанҳәа 22 рзы, убри аан ахәаахәҭратә дыррақәа рыла адизельтә былтәы ахә леит.
Абензин Аи-95 иатәу амарка Урыстәыла Европатәи ахәҭа аҵакыратә индекс ала ахә шьҭыҵит 1,11%, (71 746 мааҭ тоннак азы). Абензин Аи-92 иатәу амарка ахә леиит 0,42%, (62 432 мааҭ тоннак азы).
Адизельтә былтәы ахә лаҟәит 0,56%, (66 026 мааҭ тоннак азы). Нанҳәамзазы иара ахә 12-нтә аҭоурыхтә рекорд шьақәнаргылеит, ахәԥса 67 848 мааҭ рҟынӡа ихалеит.
Абиржатә былтәы хәыԥсақәа аԥхын ррекордқәа еиҭахацдыркит. Аиҭакрақәа рыдырҳәалоит анефҭусадуларатә зауадқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа.
Аԥсны
Аекономика аминистрраҟны ирҳәеит Аԥсны абылтәы ахә ашьҭыҵра зыхҟьо