Афорум даара аус адырулеит, 500-ҩык аҿар алахәуп, ҳәа адырра ҟаиҵеит Берзениа.
"Ҳаԥсы ҳшьоит акранаҳфо. Ашьыжь ҳгылоит, акраафаны, аусура ҳалагоит. Иҟоуп еиуеиԥшым апрограммақәа, аҿар гәыԥ-гәыԥла рхы ахьаладырхәуа. Ухала иалухуеит уцар ахьуҭаху. Иҟоуп акомпиутер аганахьала, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа, аспорт уҳәа. Сара ҩымш ҭыԥк ахь сцаӡом, иахьынӡасылшо зегьы сахәаԥшыр сҭахуп. Аполитика аинтерес сзаҵам, аха егьырҭ апрограммақәа срылахәуп. Ҳахьцалакгьы ҳбираҟ ҳацуп, иззымдыруа иааины иҳазҵаауеит ҳтәыла ахьыҟоу. Уаашьаны узтәаӡом, избанзар убас ирацәоуп уахьцаша", - азгәеиҭеит Аԥсны ахаҭарнак.
Валера Берзениа иажәақәа рыла, афорум аҟны аԥсуа бираҟ ала атәым ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа ареспублика аҭоурых рзеиҭарҳәоит. Аԥсуашәақәа ҳҳәоит, ҳахьынтәааз ирԥшӡаны, аҵакы аҭаны ирзеиҭаҳҳәоит иҳәеит Берзениа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.