Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәыла аганахьала азхаҵара ҳҳәынҭқарра аизҳазыӷьара, агәыларатә еимабзиара арӷәӷәараҟны ҭыԥс иааннакыло, ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиашьа хәшьарас иарҭо атәы иалацәажәеит арадио Sрutnik аефир аҟны Ауаажәларратә палата алахәыла Давид Ԥлиеи аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡбеи.
"Аҳәынҭқарра азхаҵара аидеалисттә цәа ахырԥазаргьы, аҩнуҵаҟа апрагматикатә знеишьа амоуп. Аҳәынҭқаррақәа ҩба –ихәыҷу- идуу реизыҟазаашьаҿы ринтересқәа еиқәымшәар, изыҟалаӡом азхаҵарагьы, ацхыраарагьы. Иазгәасҭар сҭахуп, ацхыраара иаҳзыҟарҵо ԥхашьараӡам, избанзар адунеи аҿы иҟоуп акы-ҩба ҳәынҭқарра зымацара, цхыраарада зхы иахәыр зылшо, егьырҭ зегьы аки-аки еиҿаԥшьуп, цхыраарада адәы изықәлаӡом, уи хьымӡӷӡам. Ихьымӡӷу, даҽаӡәы иҟаиҵо ацхыраара уҳәынҭқарра, ууаажәлар зегьы ирзеиԥшны ирыхәаратәы иузыҟамҵар, убри ауп ихьымӡӷу. Аҿиара атәы анаҳҳәо, Урыстәыла аҳәынҭқарра аинтересқәеи, уа инхо аолигархцәа ринтересқәеи еснагь ишеиқәымшәо ҳдыруазароуп. Ара иҟоу аолигархцәагьы ҳҳәынҭқарра аинтересқәа есымша аԥхьа идыргылаӡом. Ауаҩытәыҩсатә фактор ииашаны аус аур, аҿиара, ҳәарада, иамоуп", - азгәеиҭеит Аҩӡба.
"Ииашоуп, Урыстәыла ацхыраара ду ҟанаҵеит. Уи уажәы Аԥсынра инхо зегьы ирбартә, досу ирыхәартә еиԥш ацәыргара уадаҩуп, аха егьа умҳәан, ҳпотенциал иацнаҵеит. Абри Владислав Арӡынба илшаз, аԥсуаа, егьырҭ атәым милаҭқәагьы даарыханы, зегьы ҳаидымгылеи, аиааира ҳаиднамкылеи, иахьагьы абри аҩыза амҩа ҳақәгылароуп. Аԥсуаа ҳаидгыланы иҳалшо ҟаҵатәуп, уи адагьы егьырҭ Аԥсынра инхо рыԥсҭазаара хьымӡӷыс изду ҳара аԥсуаа ҳауп, ҳара иҳаӡбароуп. Зегьы зхәаԥшуа ҳара ҳауп. Уи Аԥсынтәыла аҳәаа аҩныҵаҟа мацара акәӡам, Нхыҵ Кавказ инхогьы ҳара иҳахәаԥшуеит. Ҳаҩнуҵаҟа аимак-аиҿак ргәы рнархьуеит, убригьы ҳазхәыцроуп. Ажәлар реидкылара иреиҳау мчуп. Дарбанзаалакгьы Аԥсынра иахагыло абри анилымша, уи аҳәынҭқарра изыргылаӡом", - иҳәеит Ԥлиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.