Абжьылҩа Анаҟәаԥиа ақыҭан иҟаз аԥхьатәи ауахәамақәа ируакуп. Уаҟа археологиатә жрақәа ирылаган ҵыԥх, ауахәама аԥсуа аҳра иатәу архитектура аҷыдарақәа аманы ишыҟаз ҳбахьан, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Сангәлиа.
"Шьҭа ҩнуҵҟала ахы инаркны аҵыхәанӡа, иара изаку, ишыҟоу, планс иамаз иҭҵааны аҟынӡа ҳааихьеит. Аҩналарҭа инаркны ҳашнеиуаз, иааиуаз ахьгылаз ртәарҭақәа наҟ-ааҟ ишамаз аабеит, нас иԥшьаз ауаа ахьамадаз рыбыҩқәа. Уажәы агәҵәы ахы инаркны аныҳәарҭа аҟынӡа ҳшааиуаз аџьар ашьаҭа ҳбеит. Ирыцқьауа ҳҿааҳхеит, иубарҭоуп иара изыхәҭаӡамкәа ишалакьысуаз, ишыҵырхыз, аха аҭыԥ аҿы ишьҭан. Рымч ақәымхеит агара. Иааҳбо зегьы иаразнак аҭыԥан акомпиутер иҭаҳгалоит ишәаны изаны иҟаҳҵоит", - еиҭеиҳәеит Сангәлиа.
Анаҩс аԥшаах иалахьынҵахо атәы шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.