Аԥсны

Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазкны Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит

Ашәҭшьҭаҵара иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи атәыла аиҳабыреи, асасцәеи, атәыла ауаажәларреи.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы.
Аусмҩаԥгатә далахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
“Аԥсны жәлар рзы ҳҳәынҭқарра азхаҵара аҵакы ахәшьара уадаҩуп. Жәашықәсала Аԥсны жәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы иқәԥон. Уи азаагаразы иреиӷьӡаз Аԥсны аҵеицәеи аҭыԥҳацәеи рхы ақәырҵеит", - иҳәеит Бжьаниа.
Иара иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә суверенитет азхаҵара атәылазы ишныҳәа дуу. Ахада ари аус ду иазааԥсаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, еиҳарак Урыстәыла ахадара, аамҭа уадаҩ аан имариамыз ари аӡбамҭа здызкылаз.
Бжьаниа инаҵишьит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиашьаратәи аиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа рырҿиара шаҭаху.
Нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы ақырҭуа архәҭақәа Аахыҵ Уаԥстәыла бџьаршьҭыхла иақәлеит, иалагеит Хәымш ицоз аибашьра. Урыстәыла ареспублика ауаажәлар ахьчаразы игылеит.
Нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа разхаҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Уи аахыс ари амш атәылаҿы иҳәынҭқарратә ныҳәаны иазгәарҭоит.
Аԥсны
Ажәлар ргәазыҳәара наӡеит: Аԥсны Ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 16 шықәса ҵуеит