Агазеҭ аханатә урысшәала иҭыҵуан. Иара аамҭаказы ақалақь анапхгараҿы иҟаз Витали Аиба иаԥшьгарала еиҿкаан, Витали Шариа редакторс даман. Анаҩс Лев Хаикин редакторс дҟалоит. Вахтанг Аԥҳазоу арадиоефир аҿы игәалаиршәеит агазеҭ аҿы аусуразы ааԥхьара шиоуз, аԥсышәала аҭыҵра ишалагаз.
"Аханатә агазеҭ ашәагаа маҷын, аха Лев Хаикин аусура дахьаманшәалаз иабзоураны иара аҽеиҵнахит. Иаднаԥхьалазгьы рацәаҩхеит. 10 шықәса раахыс агазеҭ аредакторс дамоуп Мадонна Кәыҵниаԥҳа. Лара агазеҭ аханатә ишьҭнахыз атрадициа иацҵауа даауеит. Иааԥмырҟьаӡакәа мчыбжьык ахь хынтә иҭыҵуеит ҩ-бызшәак рыла. Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иҟам агазеҭ ас лассы-лассы иҭыҵуа. Иара аԥшшәгьы амоуп. Уи ахәшьара зҭатәу акоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥҳазоу.
Вахтанг Аԥҳазоу иажәақәа рыла, агазеҭ иамоуп ахатәы аԥхьаҩцәа, избанзар ақалақь аԥсҭазаара аныԥшуеит, уи иазҿлымҳау маҷҩым ҳәа азгәеиҭеит аредактор лхаҭыԥуаҩ.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.