Арадио

Апсихолог Хорааԥҳа: ахәыҷы ашкол ала дыршәалатәӡам

Sputnik
Актәи акласс ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷы ашкол дышԥазыҟаҵатәу аҵара игәы ахымшәартә еиԥш, имш шԥашьақәыргылатәу, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит апсихолог Алиса Хорааԥҳа/
Аҭаацәа ахәыҷы ашкол ахь данырышьҭуа, еиҳарак азҿлымҳара арҭоит аҩра, аԥхьара, аха уи ииашаӡам, еиҳарак изхәаԥштәу ахәыҷы иажәаҳәа арҭбаароуп ҳәа азгәалҭеит Хорааԥҳа. Иарбан еиҭа хшыҩзышьҭра зҭатәу - уи шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.