Аԥсны

Харитон Агрба алада-африкатәи аспортсмен дииааит

Харитон Агрба – аԥснытәи апрофессионалтә боксиор, Урыстәыла абираҟ иманы дықәгылоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Абоксиор Харитон Агрба Алада-африкатәи ареспубликантәи аспортсмен Ксолисани Ндонгени дииааит Серпухов имҩаԥысыз абокс ахәылԥаз "Ачемпионцәа рыҵх IBA" аҿы, абри атәы аанацҳауеит Аспорт азы аҳәынҭеилакы.
Агрба даиааит ҳәа аӡбаҩцәа еицҿакны иазырыԥхьаӡеит.
"Ачемпионцәа рыҵх IBA" - Жәларбжьаратәи абокс ассоциациа еиҿнакаауа атурнирқәа роуп, ари атурнир азкын нанҳәа 27 рзы иазгәарҭо Жәларбжьаратәи абокс амш.
Харитон Агрба - аԥснытәи аспортсмен, жәларбжьаратәи акласс ала аспорт дазҟазоуп, WBA Fedecaribe, WBA Continental, IBF European ртитулқәа ианашьоуп, апрофессионалтә ринг аҿы 2019 шықәса аахыс дықәгылоит.