АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра иазку Таитәи абокс азы жәларбжьаратәи атурнир "Гьаргь Аиааирагаҩ ихраҿа" иалагеит Аҟәа. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны Таитәи абокс афедерациа.
Аицлабрақәа ирылахәуп 270-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа Москва, Калининград, Санкт-Петербург, Тула, егьырҭ Урыстәыла ақалақьқәа рҟынтәи, иара убас Ермантәылантәи.
"Ҳара ҳгәы иахәоит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш аҽны ҳара ҳахь абриаҟара асасцәа ахьааз. Бзиала шәаабеит ҳаицлабрақәа рахь", - иҳәеит Аԥсны Таитәи абокс афедерациа ахада Ҭемыр Гьергьедаа.
Таитәи абокс азы атурнир "Гьаргь Аиааирагаҩ ихраҿа" Аҟәа иалагеит
© Foto / Федерация тайского бокса Абхазии
Аицлабрақәа хыркәшахоит нанҳәа 28 рзы. Уи еиҿыркааит Таитәи абокс афедерациа, Аисратә клуб "Гьаргь Аиааирагаҩ", Аспорт азы аҳәынҭеилаки Аҟәа ақалақь ахадареи, Аҟәа араион ахадареи, акультуратә фонд "Платформа", Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Таитәи абокс афедерациа, Аҳабла ҿыц аҩнусбарҭа.