Мгәыӡырхәа инхо Ахра Леиба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иҭаацәа рхы зланыҟәаргои, рнапы злакуи, рҽаҩреи раарыхреи зеиԥшроуи, абызшәа, аҵас, ақьабз, аԥсуа леишәа ақыҭаҟны аиқәырхара ахьынӡалшои ртәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.