Арадио

Ԥиԥиа еиҭеиҳәеит ашьхараҟны ахымҩаԥгашьа иацу акәамаҵамарақәа

Шықәсырацәала ашьхарахь иныҟәахьо, Тҟәарчал инхо Мац Ԥиԥиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашьха иацу аҵасқәеи акәамаҵамарақәеи ртәы.
Sputnik
Мац Ԥиԥиеи гәыԥҩык анхацәеи рырахә еицхаргалоит Кәын иашҭа. Аԥхын актәи амзазы ихалоит, уи аԥхьа ашьха асы ықәуп иҳәеит иара.
"Уа ҳшаахалак аԥсаса акы аарылган Анцәа ҳиҳәоит, ҳманшәаланы ҳҟаларцаз. 10-15 мшы ашьхараҟны уаныҟоу уҽукәабар, аӡыхь ушьапы ҭауӡәӡәар ҟалом. Хымз уҟазаргьы, рҩашк аҿы улбааны аӡы хагаланы ирԥханы иҟаумҵозар, ҵасӡам рҳәон ҳаиҳабацәа. Убри ҳацныҟәоит", - иҳәеит Ԥиԥиа.
Ԥиԥиа иажәақәа рыла, мызкы инеиԥынкыланы ашьха уаныҟоу иунымԥшыр залшом, иаҳа ухы аԥсы шьоит, иаҳа уразхоит. Убри аан иара иазгәеиҭеит, амшцәгьақәа раан, ашьха уамацлабыр шаку.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.