Урыстәыла

Ҩ-ҳаирпланк Бе-200 Геленџьык амцарцәара иаҿуп

Аҩаша ашьыжь Куприанова шьель зхы зкыз амца амҽхак 118 гектар инеихьеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik. Ҩ-ҳаирпланк амфибиа Бе-200 Геленџьык амцарцәара иаҿуп ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла АҶА.
Аҭыԥ аҿы аус руеит 400-ҩык, ахархәара рыҭоуп 70 ак атехника, ҩ-ҳаирпланк Ми-8. Амца 120 тонна аӡы ақәырҭәахьеит.
Аҩнқәеи аинфраструктура аобиектқәеи рзы шәарҭара ыҟам. Аӡәгьы ԥырхага имам.
Амца ахы цәырнагеит аҩаша, нанҳәа 29 рзы, ирласынгьы аҽеиҵнахит. 5 тоннак аӡы шьҭызхуа Ми-8 ала амца арцәара иалагеит, аха уахынла авертолиот аԥырра азин ҟарымҵеит. АҶА аусзуҩцәа напышьашәала амца иаҿагылан.
Урыстәыла
Геленџьик 30 гектар абна амца иамҽханакит