Аԥсны

Аҟәа инхо ауаҩԥсы идбалан жәа-граммк инеиҳаны аметадон

АҩАР аусзуҩцәа зынӡа ари ауаҩы идырбалеит анаркотикатә маҭәашьар згәылаԥсаз 13 еиларҳәы. Урҭ рыхәҭак аҭыԥ маӡақәа рҿы ишьҭаҵаны рыҭира хықәкыс иман.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Аҟәа инхо ауаҩԥсы Ерик Амҷба азинхьчаратә усзуҩцәа идырбалеит 11,3 грамм аметадон ҳәа аанацҳауеит АҩАР апресс-маҵзура.
Амҷба зыԥсҟы икыз автомашьына Mitsubishi аанкылан Аҟәа, Гәымсҭатәи амҩаҿы.
АҩАР аусзуҩцәа зынӡа ари ауаҩы идырбалеит анаркотикатә маҭәашьар згәылаԥсаз 13 еиларҳәы. Урҭ рыхәҭак аҭыԥ маӡақәа рҿы ишьҭаҵаны рыҭира хықәкыс иман.
Амҷба амилициа аусзуҩцәа идирбеит Аҟәеи Аҟәа араиони рҿы аҭыԥ маӡақәа. Уаҟагьы даҽа хә-еилаҳәарак аадырԥшит.
Ерик Амҷба закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьарқәа ааихәон, иҵәахны иман, аҭиразы имҩанигон ҳәа ишьаны ашьаус хацыркуп. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.