Аԥсны

Аибашьра иахәхаз: Аҟәа иргәаладыршәеит хабарда ибжьаӡыз

Мчыла хабарда ибжьадырӡыз жәларбжьаратәи рымш есышықәса иазгәарҭоит адунеи аҿы нанҳәа 30 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Мчыла хабарда ибжьадырӡыз жәларбжьаратәи рымш азгәарҭеит Аҟәа ахаша, нанҳәа 30 рзы.
Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит аиҳабыра рхаҭарнакцәа, хабарда ибжьаӡыз рыуацәа, аруаа, ауаажәларра.
Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иргәаладыршәеит хабарда ибжьаӡыз
Раиса Ес-оӷлы лыԥшәмеи лԥеи 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит. Егьи лԥа иахьа Урыстәыла Украина аимҩаԥнаго арратә операциа ҷыда далагылоуп.
Ес-оӷлы инаҵылшьит иахьатәи арыцхә - анацәа рзы иуадаҩу мшуп ҳәа, агәыӷрагьы аалырԥшит адунеи аҿы уаҳа еибашьра ҟаларым ҳәа.
Мчыла хабарда ибжьадырӡыз жәларбжьаратәи рымш есышықәса иазгәарҭоит адунеи аҿы нанҳәа 30 рзы. Уи рыларҳәеит иҭаку ауаа мамзаргьы зыуацәа зхабар рзымдыруа ауаа рлахьынҵа ауаажәларра азхьаԥшразы.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 170-ҩык. Урҭ рахьтә 44-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рыуацәа анышә реиҭамадаразы ирырҭахьеит.