Урыстәыла

Ашықәс нҵәаанӡа Шәачатәи амшынбаӷәаза 133 нызқьҩык ауаа рымаҵ аураны иҟоуп

Шәачатәи амшынбаӷәазаҟынтә иқәҵуеит аӷба дуқәа ҩба - "Князь Владимир", Аԥсныҟа иныҟәо, Astoria Grande, Ҭырқәтәыла амшынԥшаҳәахь иныҟәо.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. 2021 шықәса аахыс жәларбжьаратәи акруизтә ныҟәарақәеи акаботажтә еидарамҩангарақәеи рыла апассаџьырцәа рныҟәгара иацлеит, ашықәс нҵәаанӡа иазԥхьагәаҭоуп 130 000-ҩык рымаҵ аура ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ахәаахәҭратә мшынбаӷәаза адиректор Иури Владимиров иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Шәачатәи амшынбаӷәазаҟынтә иқәҵуеит аӷба дуқәа ҩба - "Князь Владимир", Аԥсныҟа иныҟәо, Astoria Grande, Ҭырқәтәыла амшынԥшаҳәахь иныҟәо. Даҽа ҩ-ӷбак - "Грифони" "Кометеи" - Новороссииски, Шәачеи, Геленџьики ирыбжьоуп.

Владимиров иажәақәа рыла, 2021 шықәсазы абаӷәаза иаднакылеит 92234-ҩык, 2022 шықәсазы – 113023, сынтәа – 90167-ҩык.
"Ашықәс нҵәаанӡа иазԥхьагәаҭоуп 130 нызқьҩык рымаҵ аура", - иҳәеит Владимиров.
Шәачатәи амшынбаӷәаза ргылан 1934 шықәсазы. Абаӷәаза асқьалақәа ҩба рыла еиҿкаауп, азеиԥш аура 730 метра ыҟоуп. Жәларбжьаратәи атерминал иалшоит 1,2 нызқьҩык роушьҭра. Абаӷәаза ареконструкциа акурорт аплан хада иалаҵахоит.