Абылраҽацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи рзы ари аԥхын шымҩасыз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәа араиони ақалақьи амцарцәаратә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.
Ҵыԥхи сынтәеи еиҿурԥшуазар, августмза аганахьала, иаҳа абылрақәа рацәоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит Кәыҵниа. Иара иажәақәа рыла, сынтәа абылрақәа анхарҭатә ҭыԥқәа ааха ду рынаҭеит, иара убас абнақәа рҿы амцакрақәа рацәоуп, аха ауаа ирлас адырра ахьыҟарҵо иабзоураны урҭ ианаамҭоу иҳарцәоит ҳәа иҳәеит иара.
Ҭемыр Кәыҵниа иара убасгьы далацәажәеит аԥсшьаҩцәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа ртәы. Иҳәеит аҵарашықәс иалагаанӡа ашколқәа рҿы имҩаԥыргаз агәаҭарақәа ртәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.