Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лашәриаԥҳаи Қәҭелиеи арҵаҩцәа рԥышәа аизырҳара иазкны

“Ашықәс арҵаҩы” захьӡу аԥхынтәи ашкол мҩаԥысит Очамчыра. Иара рҽаладырхәит 90-ҩык атәыла араионқәа рырҵаҩцәа. Хымш рыҩнуҵҟа дара ирыман алшара рԥышәа аизырҳаразы, аҟазауаа ирырҭоз аиформациа ашьҭкааразы.
Sputnik
Аԥсны аҵара аминистрра аинформациатә ҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиеи Аҟәатәи актәи ашкол абаҩрҵәыра арҵаҩы Марина Лашәриаԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит “Ашықәс арҵаҩы” аԥхынтәи ашкол алҵшәақәа ртәы.
Сынтәа раԥхьаӡа акәны аԥхынтәи ашкол иалахәын абаҩрҵәыра арҵаҩцәа. Марина Лашәриаԥҳа лажәақәа рыла, ас еиԥш аусмҩаԥгатә аԥышәа ду узҭо ак акәны иҟоуп ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи реимадараҿы. Арҵаҩцәа зегьы ргәы иахәеит ааԥхьаратә семинарқәа рхы ахьрыладырхәыз ҳәа азгәалҭеит лара.
Аслан Қәҭелиа еиҭеиҳәеит сынтәатәи апрограмма аҷыдарақәа ртәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.