Аԥсны

Мактина Џьынџьалԥҳа Подмосковие иҟоу аҭаацәеи ахәыҷқәеи рыцхыраараз Ацентр аусура ҭылҵааит

Мактина Џьынџьалԥҳа Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчараз азинмчра лыҭан 2021 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчараз азинмчра змоу Мактина Џьынџьалԥҳа Подмосковие иҟоу аҭаацәеи ахәыҷқәеи рыцхыраараз Ацентр "Непоседы" аусура ҭылҵааит ҳәа адырра ҟарҵоит аомбудсмен лсоциалтә ҳақәа рҿы.
Ацентр аҭаара иахықәкын аусура аҭҵаара, аԥышәа Аԥсны ахархәара.
Аԥсны акырҵуеит аԥсҭазааратә уадаҩрақәа ирықәшәаз ахәыҷқәа аамҭала иахьыҟазааша акризистә центр аԥҵара азҵаара иалацәажәоижьҭеи. "Непоседы" – Москватәи аобласт аҿы асеиԥш иҟоу ацентрқәа иреиҳауп. Иара хықәкыс иамоуп ахәыҷқәа хылаԥшрада раанмыжьра, ааӡара аҭаацәарақәа рахь рыҭара.
Џьынџьалԥҳа иара убасгьы дырԥылеит аобласт асоциалтә ҿиара аминистрра ахаҭарнакцәа Игор Момонини Ирина Киосоии. Дара инарҭбааны ацентр аусура атәы еиҭарҳәеит. Ахәыҷқәа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара аԥышәа иалацәажәеит.
Ахәыҷы изинқәа рыхьчараз аппарат уаанӡа адырра ҟанаҵахьан аԥсҭазааратә уадаҩрақәа ирықәшәаз ахәыҷқәа аамҭала иахьыҟазааша акризистә центр аԥҵара ахәҭаны ишыҟалаз, асеиԥш ацхыраара зҭаху рхыԥхьаӡара ашықәс аҩнуҵҟала жәаҩык инадыркны ҩажәижәаҩык рҟынӡа ишынаӡо.
Аԥсны
Мактина Џьынџьалԥҳаи Урыстәыла Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоуи русеицура иалацәажәеит