Аԥсны

Аҟәа атәылауаҩ даанкылоуп анаркотикқәа рыҵәахреи рымҩангареи рзы

Ашьаус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 223 ахәҭаҷ 2.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Аҟәа анхаҩы Вадим Гәбаз даанкылан изакәанымкәа анаркотикқәа рацәаны раахәареи, рыҵәахреи, рымҩангареи рзы гәҩарас дрыманы. Абри атәы аанацҳауеит АҩАР апресс-маҵзура.
29 шықәса зхыҵуа Гәбаз даанкылан Ҟәланырхәа ақыҭан имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны. Хаҭала данеимырдоз, идырбалеит аметадон згәылаз аилаҳәара.
Иаанкылаз ихаҭа анаркотикатә маҭәашьар илаҵаны дыҟан, иара убас амарихуана идкыланы дыҟан. Ашьаусԥшаара иацҵоуп.